Аԥсны

Дамаск иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ахыбра иавагылоу аракетатә ааха аиуит

Жьҭаарамза 2023 шықәсазы Ааигәа Мрагылара аибырххарақәа ианрылага инаркны, ЦАХАЛ иааԥмырҟьаӡакәа арабтә республика иалахысуеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Дамаск иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ахыбра иавагылоу аихагыла рацәа змоу анхарҭа ҩны аракетатә ааха аиуит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Иазгәаҭоуп, ракетала изеихсыз ԥшьеихагыларак змоу ахыбра Дамаск Меззе аҳаблаҟны ишгылоу, аиҳарак уаҟа ишыҟоу аҳәаанырцәтәи адипломатиатә хаҭарнакрақәа.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа 150 метра иазааигәоуп. Ааха аныҟалаз аамҭазы зусурҭатә ҭыԥқәа рыҟны иҟаз рацәаҩуп.
"Ракетала ианхысуаз аамҭазы сареи аусзуцәа аӡәырҩи Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿ ҳаҟан, ари ахысра ҳазҭанаргылаз ҳаӷеимшхаратәи цәанырроуп", - ҳәа иҳәеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, иагьазгәеиҭеит ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аӡәгьы ааха шимоуз.
Шьамтәылатәи амаҵзура SANA излаанацҳауа ала, ааха ҟазҵаз израильтәи архәҭақәа роуп. Иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, иҟоуп ахәрақәа зоуз.