АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Гагра араион фнызқьҩык инареиҳаны рыԥсы ршьеит ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәа рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
"Ҵыԥх Гагра араион аҟны 5 300-ҩык рҟынӡа рыԥсы ршьеит. Заанаҵтәи ахыԥхьаӡарақәа рыла, сынтәа фнызқьҩык инареиҳауп", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, есышықәса атуристцәа аӡынтәи аԥсшьара азҿлымҳара азҭо рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Лара лгәаанагарала, Гагра араион аҟны ашықәсҿыцызтәи аԥсшьацәа реизҳара ҩ-факторк ыҟоуп - ари жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи, насгьы араион аҟны аԥсшьарҭа ҭыԥқәа реизҳареи рымаҵура ахаҭабзиара ашьҭыҵреи.
"Ҳасасцәа рмаҵура ахаҭабзиара аиӷьхара иаҿуп, уи ҳара иаҳбарҭоуп, асасааирҭақәа рофициалтә саитқәеи ҳара ҳсаитқәеи рыҟны аԥсшьаҩцәа ианырҵо азгәаҭақәа рыла", - ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.
Гагра араион асасцәа аҭыԥантәи ауааԥсыреи дареи гәацԥыҳәарыла аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын ҳәа азгәалҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ.