Аԥсны

Инал Арӡынба Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит

Ракетала изеихсыз ԥшьеихагыларак змоу ахыбра, Сириа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа 150 метра иазааигәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дақәыӡбеит Сириа аҳҭнықалақь Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Иара иазгәеиҭеит, изеихсыз ахыбра Сириа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ишазааигәоу.

"Хеигӡара ҟамҵаӡакәа зус назыгӡо ҳдипломатцәа ашәарҭара иҭагылеит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аҵак ду змоу агуманитартәи жәларбжьаратәи азинқәеи реиԥҟьара ашҟа икылнагоит, еиҵанарҟьоит жәларбжьаратәи ашәарҭадареи аизыҟазаашьақәеи рышьаҭа. Уаҳа акы узахымҳәаауа ҳақәыӡбоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Сириа иҭынчран иҭышәантәалан аҟазаара зегьы ишырҭахым жәларбжьаратәи аренаҟны иҟоу, еиҳарак Мраҭашәаратәи атәылақәа. Иара иҳәеит Сириа иҟоу Аԥсны аҩызцәа адгылара шрырҭо, агәыӷра ааирԥшит иаарлысны аҭынчра шышьақәгыло, иҭахаз рыуацәа дрыдышшылоит.
Аԥсны
Дамаск иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ахыбра иавагылоу аракетатә ааха аиуит