АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амца акит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.Аҩбатәи аихагылаҟны алҩаҵә ҩеиуеит, иубарҭоуп амцабыз шахылҵуа.Амца арцәараз аус руеит Аԥсны АҶА амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба.