АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Ацәыргақәҵатә зал ахыбра ахьыблыз - Аԥсназы рыцҳара дуӡӡоуп, уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа иреиԥшнушьалар ауеит ҳәа Sputnik аинтервиу аиҭеит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Иара иазгәеиҭеит ахҭыс збаз ишырҳәаз ала, амца раԥхьа ахыб аҿы иакит ҳәа, анаҩс ирласны ахыбра зегьы амҽханакит ҳәа.
"Аҭуани ашьаҟақәеи ахьымҿтәыз иахҟьаны, амца ирласны ахыбра зегьы амҽханакит, асааҭ 5 рзеиԥш иааз ауаа амца арцәара акәым, ааигәара изнеиуамызт. Ишыжәбо еиԥш, ҳхыбра зегьы ӷәӷәаны иблит. Аҭуан каҳаит, ахыб еилаҳаит", - иҳәеит Сақаниа.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит агалереи афонд 1963 шықәса раахыс аизгара ишаҿыз.