https://sputnik-abkhazia.info/20240121/saania-rytsara-duoup-a-akhiaait-atsyrgaat-zal-akhybra-akhyblyz-1049896373.html
Сақаниа рыцҳара дуӡӡоуп ҳәа ахиҳәааит Ацәыргақәҵатә зал ахыбра ахьыблыз
Сақаниа рыцҳара дуӡӡоуп ҳәа ахиҳәааит Ацәыргақәҵатә зал ахыбра ахьыблыз
Sputnik Аҧсны
Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амца акит ажьырныҳәа 20-21 ауха. 21.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-21T11:20+0300
2024-01-21T11:20+0300
2024-01-21T11:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/15/1049896045_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_986bdbb73e5e137e4879c28669611d22.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Ацәыргақәҵатә зал ахыбра ахьыблыз - Аԥсназы рыцҳара дуӡӡоуп, уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа иреиԥшнушьалар ауеит ҳәа Sputnik аинтервиу аиҭеит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.Иара иазгәеиҭеит ахҭыс збаз ишырҳәаз ала, амца раԥхьа ахыб аҿы иакит ҳәа, анаҩс ирласны ахыбра зегьы амҽханакит ҳәа."Аҭуани ашьаҟақәеи ахьымҿтәыз иахҟьаны, амца ирласны ахыбра зегьы амҽханакит, асааҭ 5 рзеиԥш иааз ауаа амца арцәара акәым, ааигәара изнеиуамызт. Ишыжәбо еиԥш, ҳхыбра зегьы ӷәӷәаны иблит. Аҭуан каҳаит, ахыб еилаҳаит", - иҳәеит Сақаниа. Иара иажәа иацҵо иҳәеит агалереи афонд 1963 шықәса раахыс аизгара ишаҿыз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/15/1049896045_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_304508d99da11fa186ec5dde4d6bc4a9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура, ахҭысқәа
ажәабжьқәа, акультура, ахҭысқәа
Сақаниа рыцҳара дуӡӡоуп ҳәа ахиҳәааит Ацәыргақәҵатә зал ахыбра ахьыблыз
11:20 21.01.2024 (ирҿыцуп: 11:36 21.01.2024) Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амца акит ажьырныҳәа 20-21 ауха.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Ацәыргақәҵатә зал ахыбра ахьыблыз - Аԥсназы рыцҳара дуӡӡоуп, уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа иреиԥшнушьалар ауеит ҳәа Sputnik аинтервиу аиҭеит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Иара иазгәеиҭеит ахҭыс збаз ишырҳәаз ала, амца раԥхьа ахыб аҿы иакит ҳәа, анаҩс ирласны ахыбра зегьы амҽханакит ҳәа.
"Аҭуани ашьаҟақәеи ахьымҿтәыз иахҟьаны, амца ирласны ахыбра зегьы амҽханакит, асааҭ 5 рзеиԥш иааз ауаа амца арцәара акәым, ааигәара изнеиуамызт. Ишыжәбо еиԥш, ҳхыбра зегьы ӷәӷәаны иблит. Аҭуан каҳаит, ахыб еилаҳаит", - иҳәеит Сақаниа.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит агалереи афонд 1963 шықәса раахыс аизгара ишаҿыз.