АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла акультура аминистрра аусдырыҩцәа агалереиа абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥыргалоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, ареставратор Анзор Сақаниа, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәылацәеи аилацәажәара мҩаԥыргеит.Дара Амилаҭтә библиотека ауадақәа ҭырҵааит.
Иазгәаҭоуп, урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсныҟа ишаауа ҩымш-хымш рышьҭахь.