Аԥсны

Апарламент: Амилаҭтә галереиаҿы иҟалаз абылра азинхьчаратә усбарҭақәа иҭырҵаароуп

Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра абылра зыхҟьаз азҵаарақәа ирылацәажәеит Жәлар Реизара адепутатцәа имҩаԥыргаз аизараҟны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Апарламент Аминистрцәа реилазаарахь ажәадгала ҟанаҵеит аҭоурых-культуратә ҵакырақәа, акомплексқәа, ансамбльқәа, аргыларақәа, амаҭәарқәа амцакратә шәарҭадара аҭахрақәа иахьынӡарықәшәо аҭҵааразы акомиссиа ҷыда аԥырҵарц.
Адепутатцәа аилатәара аихшьаалақәа рышьаҭала иҟарҵаз аҳәамҭаҿы иазгәарҭеит, Амилаҭтә галереиаҿы иҟалаз абылра зус здыруа аусбарҭақәа иҭырҵаароуп ҳәа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхи акультуреи реиқәырхара иадҳәалоу аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иҟарҵо адгылара шьҭыхтәуп ҳаамҭа иақәшәо ашәарҭадара аиҿкаара аҩаӡара аҟынӡа, уи азы аматериал-техникатә еиқәыршәара аԥҵаны", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Адепутатцәа иазгәарҭеит, Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иацәыӡыз арҿиамҭақәа рбылра акультуразы харҭәаашьа змам акакәны ишыҟоу.