Аԥсны

Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи атеатрқәа "Большие гастроли", "Мы – Россия" рҳәаа иҭагӡаны

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи атеатрқәа "Большие гастроли", "Мы – Россия" апрограммақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа Telegram-канал аҿы илыҩуеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.

"273 театри 65 рҿиаратә коллектив алахәхоит Урыстәылазегьтәи 2024 шықәсазтәи агастроль-концерттә уснагӡа. "Большие гастроли", "Мы – Россия" апрограммақәа инарықәыршәаны артистцәа рҭаараны иҟоуп 283 қалақь, Аԥсны, Ермантәыла, Ҟазахсҭан", - ҳәа азгәалҭеит Лубимова.

Аминистр илҳәеит, аҽа 50 театр ҿыц апрограмма рхы шаладырхәыз. Арахь иаҵанакуеит Станиславскии Немировича-Данченкои рыхьӡ зху амузыкатә театр, М.Н. Ермолова лыхьӡ зху атеатр, Фергантәи аобласттә аурыс драматә театр, Н.М. Загурски ихьӡ зху Иркутсктәи аобласттә музыкатә театр, Калмыктәи акьанџьақәа ртеатр "Джангар" уҳәа егьырҭгьы.