Аԥсны

Бубнова лграфикатә ҭыхымҭақәа даҽа акы еиқәхеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Иблыз Амилаҭтә галереиаҿ еиқәхаз ақьаадқәа анеилдыргоз ирбеит амца иацәынхаз асахьаҭыхҩы Варвара Бубнова лграфикатә ҭыхымҭақәа даҽа акы ҳәа ихәеит агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа апресс-конференциаҿы.
Уаанӡа, еиқәхаз Бубнова лусумҭақәа ҩба аиҭашьақәыргыларазы асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аҩныҟа игахьан. Иара арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аусумҭақәа 80% ишеибгоу.
Иара убасгьы, Сақаниа иҳәеит Амилаҭтә галереиа афонд аҟынтәи асахьаҭыхымҭақәа ацифрахь ииагаз знызгьы адиск амца ишалаблыз.
Иара иажәақәа рыла, аусумҭақәа 40% инарзынаԥшуа ацифрахь ииаган.
"Рыцҳарас иҟалаз, ацифрахь ииаҳгахьаз аусумҭақәа зныз адиск асеиф аҟны иҭан, уигьы блит", - ҳәа иҳәеит иара.
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иҳәеит, ажьырныҳәа 21 рзы иблыз Амилаҭтә галереиеи Абанк ЦМР ахьыҟаз ауадақәа қьырала ишрырҭоз.
Иара иажәақәа рыла, абанк есымза иашәон 200 нызқь мааҭ, агалереиа - 50 нызқьмааҭ. Џьениа иазгәеиҭеит арҭ аԥарақәа рыла аусзуҩцәа руалафахәы шыршәоз, аҩнуҵҟатәии анҭыҵтәи ацәыргақәҵақәа шаламҩаԥыргоз.
Еиқәхас асахьаҭыхымҭақәа Амилаҭтә библиотекаҟны хаз иазалырхыс ауадахь инагоуп. Уаҟа урыстәылатәи аҟазауаа аусумҭақәа ареставрациа рзыруеит.
Аԥсны
Ҷолариа еиҭеиҳәеит абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа абиблиотекаҿы ишымҩаԥысло