АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп Украина аганахь ала аиҿцәажәара, аха киевтәи арежим иахьатәи анапхгара амчра рнапаҿы ааныжьра акәымкәа ҳәа иҳәеит Урыстәыла АдәА рминистр Сергеи Лавров, Украина азы ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҟны дықәгыло. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"Ишәгәаласыршәоит ҳара ахаангьы аиҿцәажәарақәа мап шырцәаҳамкуаз... еснагь урҭ ҳшырзыхиаз. Аха ҳара ҳаззыхиоу украинатәи арежим анапхгара рҭахрақәа рынагӡаразы аиҿцәажәарақәа ракәым, жәашықәсала атәыла аимҵәареи ажәлар рықәымчреи раԥыхраз аиҿцәажәарақәа роуп", - иҳәеит Лавров.
Лавров инаҵшьны иазгәеиҭеит "аҭынчраз Зеленски иформулеи" уи аиԥш иҟоу егьырҭ аформулақәеи џьаргьы укылзымго шымҩақәоу. Иара иҳәеит, ЕАА, Евроеидгыла рҿы заҟа заа ари аҭагылазаашьа еилыркаауа аҟара, Украина азы аиԥш Мраҭашәаразгьы ишеиӷьхо.
"Угәы унархьуеит ЕАР амаӡаныҟәгарҭа копенгагентәи ҳәа изышьҭоу асиурреализмтә формат алахәхара ахьӡ шҵнашәаауа анубо. Арҭ аформулақәа зегьы џьаргьы укылзымго мҩақәоуп, хырхарҭақәоуп. Вашингтон, Лондон, Париж, Бриуссель рҟны абри заҟа заа еилыркаауа аҟара Украина азы аиԥш Мраҭашәаразгьы иеиӷьхоит", - иҳәеит аминистр.