Урыстәыла акультура аминистрра аусдырыҩцәа агалереиа абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥыргалоит. Дара ҩымш-хымш рышьҭахь Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, ари ахыбраҿы урыстәылатәи аҟазауаа русуразы аҭагылазаашьа рзаԥырҵеит. Абылра иацәынхаз аусумҭақәеи адокументқәеи рреставрациазы иазалхәуп 26 метра зоура ыҟоу, ф-метрак аҭбаара змоу 140 ԥшьыркца иҟоу ауада.
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбра блит ажьырныҳәа 20-21 руха. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа амцакра ашьҭахь иалшеит аусумҭақәа 200 раҟара реиқәырхара, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа.