Аԥсны

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аконсултә ҟәша аԥҵоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәҳаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.

Аусбарҭа напхгара аиҭоит ҳџьынџьуаҩ Геис Аль-Харки.

Аконсултә ҟәша азинмчрақәа ирыҵанакуеит агәраргагақәа риашара ашьақәырӷәӷәара:
Шьамтәыла ахархәаразы Аԥсны ирыҭоу адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара;
Аԥсны ахархәаразы Шьамтәыла ирыҭоу адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара;
Шьамтәыла инхо Аԥсны атәылауааи егьырҭ Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы инхо аԥснытәи ауаԥшьқәа рхаҭарнакцәеи рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ианыруа иазгәанаҭоит егьырҭ аконсултә маҵзурақәагьы рымҩаԥгара, Шьамтәылеи Мрагылара ааигәа атәылақәеи рҿы инхо Аԥсны атәылауаа ацхыраареи адгылареи рыҭаразы.