Аԥсны

Аконтрабандатә сигаретқәа зламҩаԥыргоз амашьынақәа ԥшьба мчыбжьык аҩнуҵҟа иааныркылеит

2024 шықәса ҳҭалазар аԥсуа-аурыс ҳәаа закәаншьаҭада аҭыҭын аалыҵ ахыгаразы шә-уск хацыркуп административтә зинеилагара ашьаҭала.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аконтрабандатә сигаретқәа зламҩаԥыргоз амашьынақәа ԥшьба мчыбжьык аҩнуҵҟа аушьҭырҭа "Ԥсоу" аҿы иааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь апресс-маҵзура.
500 ҭоԥ асигарет "King Blsck Titan" ҵәахын автомашьына LADA 2107 апассаџьыртә ҭыԥ абӷаҿы.
Автомашьына "Хендай Акцент" анеимырдаауаз ирбеит 650 ҭоԥ асигарет "Business Royals Superslims". Даҽа 250 ҭоԥ асигарет "Chapman" ԥшаан автомашьынақәа ВАЗ-21103, ВАЗ-21124 рыҟны.
Иааизакны ирымхын 1400 ҭоԥ Германиа иҭыжьу аҭыҭын аалыҵ урыстәылатәи акцизтә дыргақәа зқәымыз. Атауари амашьынақәеи изтәу ирымхуп, аусқәа хацыркуп Урыстәыла административтә закәанеилагаразы.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҭаҭын аконтрабанда рымырхит