Аԥсны

Аԥсны ахәҭак аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит ажьырныҳәамза нҵәаанӡа

2023 шықәса абҵарамза инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи атәи ахәҭеи Аҟәеи алашара роуеит Урыстәылантәи, атәыла егьи ахәҭа - ЕгрыГЕСынтәи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи Аҟәеи аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит ажьырныҳәамза 26 инаркны 31-нӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Уи зыхҟьо Урыстәыла аладатәи арегионқәа рҿы афымцамч ахархәара иахьазҳаз, иара убас Ростовтәи АЕС аԥшьбатәи аблок планла иазгәаҭаз аремонт ахьымҩаԥгатәуи, Новочеркассктәи ГРЕСи Донбасстәи афымцамчсистемеи рҿы афымцамчаԥҵаратә маругақәа рҿы авариатә ремонтқәа ахьымҩаԥгатәуи ауп.
Уаанӡа иззеиқәшаҳаҭхахьаз 300-340 МВт амчхара аҭыԥан 240 МВт аарышьҭлоит. Амчхара адефицит иартәар ауеит 80-100 МВт, уи ЕгрыГЕСынтәи ахарҭәаара алшаӡом атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны - Џьуартәи аӡеизакырҭахь аӡы маҷны иахьҭало, иааидкыланы аӡы маҷны иахьҭоу иахҟьаны.
"Абарҭқәа ҳасаб рзуны АУН "Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи Аҟәеи алашара арцәалар акәхоит Урыстәылатәи Афедерациантәи уаанӡа афымцамч шаҟа аарышьҭуаз аҟара иаарышьҭуа иалагаанӡа", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.