Аԥсны

Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны аҳаԥқәа хәбеи адгьылаҵатә ӡиаски аадырԥшит

Иаарԥшу аҳаԥқәа рҟынтә реиҳа зыҵа дуу 300 метра инаӡоит, егьырҭ 15 инаркны 27 метра рҟынӡа иҟоуп. Аха, аҵарауаҩ игәаанагарала, еиҳагьы иҵаулазар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны иаадырԥшит аҳаԥқәа хәбеи адгьылаҵатә ӡиаски. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспелеолог Геннади Самохин.
"Чагрыԥшь ақыҭаҿтәи анхацәа иҳарҳәаз ала, 60-тәи ашықәсқәа раахыс зыӡбахә рдыруаз аҳаԥы ҳаԥшааит, ҳҭалеит. Аҳаԥы акәараҷҷа ҭысуеит, иинтересуп. Акәша-мыкәша имҩаԥаагаз агәаҭарақәа рышьҭахь ишьақәҳаргылеит 20 рҟынӡа ҳаԥы шыҟоу. Уаанӡа 15 ҳаԥы ыҟоуп ҳәа иршьон", - еиҭеиҳәеит Самохин.
Аԥсны
Арбаикатәи аҳаԥы аҵаулара ҿыц шьақәыргылоуп
Зегь раасҭа иҵаулоу аҳаԥы 300 метра илеиуеит, егьырҭ рыҵа 15 инаркны 27 метра рҟынӡа иҟоуп. Аха, аҵарауаҩ игәаанагарала, еиҳагьы иҵаулазар ҟалоит.
"Избан ариаҟара аинтерес кны ҳзеимдо? Ҳгәаанагарала, аӡиас Репруа адгьыл аҵатәи ахәҭа ҳазнеир алшоит. Амшын ахь анеира аиԥш Арбаика ашьхарахь ҳхаларгьы ҟалоит. Уи азы адгьыл аҵатәи агидросистема аԥшааразы аҳаԥқәа ааҳартуеит. Адгьыл аҵа аӡы ахымҩаԥгашьа адырра Аԥсны аекологиаз акраҵанакуеит", - иҳәеит Самохин.
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Аԥсны иуникалу тәылоуп, аҳаԥқәа рацәаны иамоуп. Ара еиԥылеит ҩ-факторк: акьыр иалху, иара убас икарсттәхар зылшо ашьхақәеи ацәаакыра рацәеи.

“Аԥсны адунеи аҿы аҳаԥқәа рыҟазаарала иалукаауа тәылоуп. Ибеиоуп. Ауникалтә ҟазшьа амоуп. Ара еиԥылеит ҩ-факторк: 2500 метра амшынҩаӡараҟынтә иҟоу, акьыр иалху, икарсттәхар зылшо ашьхақәеи ақәа рацәа алеиреи. Аԥсны ашықәс аҩныҵҟа 2-3 нызқь миллиметра ақәа леиуеит. Ари акьыреилашьыхра аҳаԥқәа зқьышықәсала раԥҵараҿы иацхраауеит. Иҭаҳҵаауа аҳаԥқәа рықәра миллион шықәсала иҟоуп, ианеиҵаха - хә-миллионк иреиҳауп. Дара Кавказ ашьхақәа аҿиара ианалагаз ирыцыҿиеит", - еиҭеиҳәоит аҵарауаҩ.

Самохин иҳәеит урыстәылатәи аҵарауааи аекологиаз Аԥсны Аҳәынҭеилаки инарҭбааны иҭырҵаараны ишыҟоу адунеи аҿы иреиҳау аҳаԥқәа ҳәа иршьо - Крубер, Веревкин, Московскаиа рыхьӡқәа зху.
Аԥсны
Урыстәылатәи аспелеологцәа ашықәс ҿыц ҳаҭалеижьҭеи Аԥсны 17 ҳаԥы рыԥшаахьеит