АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 13 шықәса зхыҵуа Николь Џьынџьалԥҳа лыхәшәқәа раахәаразы аԥара еизнагоит.
Лара амуковисцидоз лымоуп. Еизгатәны иҟоуп 700 нызқь мааҭ. Лыхәышәтәра ацҵаразы иаахәатәуп фымз илызхаша: креон, ингасплин форте, новатрон, урсофальк, тигераза реиԥш иҟоу ахәшәқәа.
"Ахәшәқәа лыдкылара еиԥҟьар ҟалом. Ус аныҟалало, аимҳәара хҭалкуеит, аҿыхра далагоит, лыжьцәа еизоит. Ахәшәқәа рыдагьы данышьҭало аламҭалаз аингалиациеи афизиотерапиеи дрыхҳажьуеит", - лҳәоит Николь лан Хатуна Џьынџьалԥҳа.
Афонд "Ашана"ахылаԥшратә хеилак алахәыла Инар Гыцба афонд аусура аҵак ду шамоу иҳәеит. Акыршықәса ҵуеит афонд ахәыҷ чымазцәа ирыцхраауеижьҭеи.
"Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аусура уадаҩхон шәара шәыҟамызҭгьы. Дарбанызаалак ацхыраара иалахәхаз ауаҩы дгәыҳалалуп, дгәыҭбаауп" ҳәа иҳәеит Гыцба.
Амуковисцидоз генетикатә, шьҭралатә чымазароуп. Ааха рнаҭоит арыԥҳақәеи арҳәарахи. Ахәышәтәразы иахьазы рхы иадырхәоит акомплекстә терапиа. Акызаҵәык - иара амҩаԥгара еиԥырҟьалатәым.