Ахыбра шәышықәса инареиҳаны иахыҵуеит, зхатә гьамеи зхатә ҿахәы зҳәо ақалақь иалагылоу, изырԥшӡо акоуп ҳәа азгәеиҭеит Ашәба аиҿцәажәараҿы. Иара еиҭеиҳәеит, аинститут аҭоурых, аханатә ҩнык аҳасабала ишыргылаз, нас иусҳәарҭаны ишыҟалаз.
"Ахыбра злеибарку зегьы мҿуп. Ауадақәа дууп. Ӡыршыла акәын ишдырԥхоз, афымцалашара наган ацәашьы акырцаз. Иахьа амца ашәарҭадара иаҵанакуа аԥҟарақәа ахыбра зынӡаск иақәшәаӡом. Қәак ауцыԥхьаӡа аӡы ыҵалоит. Аԥхынҵәҟьа актәи аихагылаҿы узтәаӡом, ушьапы умнахуеит, убас ицәаакыроуп. Зегь реиҳа сзыцәшәо амцоуп. Зегь рышьҭахь аҩныҟа ицо сара соуп. Санцо алашара уҳәа зегьы ырцәан сдәылҵуеит. Ԥхарак узҭо утәаны ҭҵаарадырратә усумҭак аԥуҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аҭоурых ду змоу аинститут, аибашьра иалган еиқәҳархаз алитература зегьы ахьышьҭоу, арҿиара аус ахьцо анапы агуп ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.