https://sputnik-abkhazia.info/20240126/azlatsazhasha-amoup-ashba-asuaaarat-institut-akhybra-aagylazaasha-iazkny--1049966577.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҭагылазаашьа иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҭагылазаашьа иазкны
Sputnik Аҧсны
Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, акультуратә ҭынха ахыбра аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уаҟа иҵәаху хәы... 26.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-26T20:20+0300
2024-01-26T20:20+0300
2024-01-28T14:38+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/1a/1049966412_0:0:3179:1788_1920x0_80_0_0_f5fd5b1fe037a072d57946836b56f8fc.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҭагылазаашьа иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҭагылазаашьа иазкны
Ахыбра шәышықәса инареиҳаны иахыҵуеит, зхатә гьамеи зхатә ҿахәы зҳәо ақалақь иалагылоу, изырԥшӡо акоуп ҳәа азгәеиҭеит Ашәба аиҿцәажәараҿы. Иара еиҭеиҳәеит, аинститут аҭоурых, аханатә ҩнык аҳасабала ишыргылаз, нас иусҳәарҭаны ишыҟалаз."Ахыбра злеибарку зегьы мҿуп. Ауадақәа дууп. Ӡыршыла акәын ишдырԥхоз, афымцалашара наган ацәашьы акырцаз. Иахьа амца ашәарҭадара иаҵанакуа аԥҟарақәа ахыбра зынӡаск иақәшәаӡом. Қәак ауцыԥхьаӡа аӡы ыҵалоит. Аԥхынҵәҟьа актәи аихагылаҿы узтәаӡом, ушьапы умнахуеит, убас ицәаакыроуп. Зегь реиҳа сзыцәшәо амцоуп. Зегь рышьҭахь аҩныҟа ицо сара соуп. Санцо алашара уҳәа зегьы ырцәан сдәылҵуеит. Ԥхарак узҭо утәаны ҭҵаарадырратә усумҭак аԥуҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", - ҳәа иҳәеит Ашәба.Аҭоурых ду змоу аинститут, аибашьра иалган еиқәҳархаз алитература зегьы ахьышьҭоу, арҿиара аус ахьцо анапы агуп ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/1a/1049966412_225:0:2956:2048_1920x0_80_0_0_3db5cbeaa79ca166a12053f3ad36c2a8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҭагылазаашьа иазкны
20:20 26.01.2024 (ирҿыцуп: 14:38 28.01.2024) Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, акультуратә ҭынха ахыбра аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уаҟа иҵәаху хәы змаӡам аматериал хылаԥшра ахьынӡамоу атәы.
Ахыбра шәышықәса инареиҳаны иахыҵуеит, зхатә гьамеи зхатә ҿахәы зҳәо ақалақь иалагылоу, изырԥшӡо акоуп ҳәа азгәеиҭеит Ашәба аиҿцәажәараҿы. Иара еиҭеиҳәеит, аинститут аҭоурых, аханатә ҩнык аҳасабала ишыргылаз, нас иусҳәарҭаны ишыҟалаз.
"Ахыбра злеибарку зегьы мҿуп. Ауадақәа дууп. Ӡыршыла акәын ишдырԥхоз, афымцалашара наган ацәашьы акырцаз. Иахьа амца ашәарҭадара иаҵанакуа аԥҟарақәа ахыбра зынӡаск иақәшәаӡом. Қәак ауцыԥхьаӡа аӡы ыҵалоит. Аԥхынҵәҟьа актәи аихагылаҿы узтәаӡом, ушьапы умнахуеит, убас ицәаакыроуп. Зегь реиҳа сзыцәшәо амцоуп. Зегь рышьҭахь аҩныҟа ицо сара соуп. Санцо алашара уҳәа зегьы ырцәан сдәылҵуеит. Ԥхарак узҭо утәаны ҭҵаарадырратә усумҭак аԥуҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аҭоурых ду змоу аинститут, аибашьра иалган еиқәҳархаз алитература зегьы ахьышьҭоу, арҿиара аус ахьцо анапы агуп ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.