Аԥсны

Аԥсны ахәҭак аҿы уахыки-ҽнаки ҳәа аамҭа-аамҭала алашара дырцәоит

2023 шықәса абҵарамза инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи Аҟәеи алашара роуеит Урыстәылантәи, атәыла егьи ахәҭа - ЕгрыГЕСынтәи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны уахыки-ҽнаки аамҭа-аамҭала алашара арцәара аларгалоит уаҵәы, ажьырныҳәа 29 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Алашара дырцәоит ажьырныҳәа 26-тәи аамҭеихшарала.
Наҟ-наҟ аамҭа-аамҭала алашара арцәареи, ма уи аԥсахреи урыстәылантәи иаарышьҭуа афымца амҽхак иадҳәалахоит.