Аԥсны

Ашықәс ҳҭалазар Гәдоуҭа араион аҿы 40-ҩык аимҳәаршәаачымазара рыдбалоуп

Иахьазы Гәдоуҭа араион ахәыҷбаҳчақәа рахь инеиуам 30% ахәыҷқәа, ашкол бжьарыжьуеит 12% ҳәа лҳәеит Гәдоуҭатәи АсЕС аиҳабы Инга Ҷанԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи АсЕС аиҳабы Инга Ҷанԥҳа араион ахадараҿы есымчыбжьа имҩаԥырго аилатәараҿы илҳәеит 2024 шықәса раԥхьатәи амза аҩнуҵҟа аимҳәаршәаачымазара шрыдбалоу 40-ҩык.
Лара илҳәеит аимҳәачымазара аҽшарҭбаауа, убри аан ахьҭалаларачымазара (ОРЗ) – еиҳа ишмаҷхаз. Гәдоуҭатәи АсЕС аиҳабы COVID-19 аҭагылазаашьагьы далацәажәеит.
Лара лажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп хҩык "акоронавирустә инфекциа" рыманы. Урҭ руаӡәк иҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аԥсны
2022 шықәса иадкыланы сынтәа Аԥсны аимҳәаршәаа ахҭысқәа 101-нтә еиҳахеит