Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәса иадкыланы сынтәа Аԥсны аимҳәаршәаа ахҭысқәа 101-нтә еиҳахеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация против гриппа
Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны имҩаԥысит апедиатриатә маҵзуреи алаҵаҟаҵареи реиҿкаара иазкыз аусутә еилацәажәара.
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. 2022 шықәса иадкыланы сынтәа Аԥсны аимҳәаршәаа ахҭысқәа 101-нтә еиҳахеит.

Иахьазы иазгәаҭоуп 505 хҭыс. 2022 шықәсазы зынӡа иазгәаҭаз 5 хҭыск ракәын ҳәа лҳәеит аилацәажәараҟны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

"Ииасыз ашықәс азы иазгәаҭаз зынӡа 5 хҭыск ракәзар, сынтәа, иахьатәи аамҭазы иазгәаҳҭахьеит 505 хҭыс. Урҭ рҟынтәи 463-ҩык хәыҷқәоуп. Иҟан даара ихьанҭаны ианырхыргоз. Анцәа иџьшьаны, ԥсыҭбарада ҳаилгеит аҳақьымцәа ирыбзоураны. Иҟан ҿыц ииз асабицәагьы ианрыхьыз", - ҳәа лҳәеит Алла Белиаева.
Лечение детей с COVID-19 в ГБУЗ ДГКБ им. З.А. Башляевой - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Аҳақьым-аиммунолог Аԥсны аимҳәаршәаа зцәырҵыз атәы далацәажәеит
Арбагақәа иазгәарҭоит аколлективтә иммунитет 60% аасҭа ишеиҵахаз лҳәеит аҳақьым хада. Лара иара убасгьы илҳәеит адифтериазы аиммунитетгьы шылаҟәыз.
"Ашәарҭара ыҟоуп, аиҳаракгьы арахь хыԥхьаӡара рацәала аџьатә мигрантцәа ахьаауа, африкатәи атәылақәа рҟынтәи астудентцәа ахьаауа, урҭи аҭыԥантәи ауааԥсыреи ахьеиныруа. Урҭ атәылақәа рҿы зынӡа иҟамзар ҟалоит алаҵаҟаҵаратә мзарқәа", – лҳәеит лара.
Убри аан, Белиаева лажәақәа рыла, COVID-19 аформа хҽит. Иҟан ашықәс аҩнуҵҟа ашколқәа рҿы аклассқәа анадыркуаз, ахәыҷбаҳчақәа рҟны агәыԥқәа анадыркуаз, аха массала ачымазара аламҵәеит ҳәа лҳәеит лара.
Аҳақьым-апедиатр, аминистрра ахәышәтәра-зыԥхьагәаҭаратә цхыраара аусбарҭа аҟазауаҩ Есма Гәниаԥҳа илҳәеит алаҵаҟаҵара арбагақәа ашәарақәа шцәырырго. Уи амзызқәа иреиуоуп аҭаацәа алаҵаҟаҵара иахьақәшаҳаҭымхо. Убри аан Гәниаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит сынтәа аимҳәаршәаа аҽанарцәгьа, аҭаацәа еиҳа алаҵаҟаҵара иазхьаԥшуа ишалагаз.
Аминистр Едуард Быҭәба анапынҵа ҟаиҵеит ауааԥсыра аинформациа нарҭбааны ирыҭазарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0