АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Аԥсны ахада ирезервтә фонди Аминистрцәа реилазаара афонд хәҭаки рҟынтә 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа 181 млн мааҭ ацхыраара рыҭан.
Иҳаҩсыз ашықәс азы зынӡа аматериалтә цхыраара рыҭан 2011-ҩык, абри атәы иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба атәыла ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан.
Афинансқәа рминистр иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы Аԥсны анҭыҵ хықәкылатәи амедицинатә цхыраара роуит 470-ҩык. Урҭ ирықәхарџьын аӡәы изы 40 нызқь инаркны 2 млн мааҭ рҟынӡа.