Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟазаауеит жәабран 1 азы

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟазаауеит жәабран 1 азы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".

Аӡы аанкылахоит Имам Шамили Омар Беигәааи рымҩақәа рҟны имҩаԥырго арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны. Ауааԥсыра ӡыржәтәда иҟазаауеит асааҭ 00:00 инаркны 24:00 рҟынӡа.

Аӡы ҟалаӡом Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Алашарабага, Адыгеиаа рымҩа, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи.