Аԥсны

Амаининг аппаратқәа хԥа аԥсуа-аурыс ҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәаан

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Амаининг аппаратқәа хԥа аԥсуа-аурыс ҳәаа рахыгара аԥдырҟәҟәааит аԥснытәи аҳазалхыҩцәа, абри атәы аанацҳауеит АҲЕ апресс-маҵзура.
Амашьына аанкылан аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны.
Аппаратқәа рымхын, административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.