Ажьырныҳәа 21 рзы Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд абылра ашьҭахь Аԥсны аҭоурых, акультура иаҿахәҳәагоу егьырҭ ахыбрақәа рҭагылазаашьа аилкааразы арадио Sputnik Аԥсны аефир ахь ааԥхьара рымоуп аобиектқәа рхадацәа.
Академиа ахада, академик Зураб Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дырзааҭгылеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа ахыбрақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Џьапуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуеит аинститутқәа быжьба, урҭ рахьтә ҩба – аботаникатәи ақыҭанхамҩеи ринститутқәа хыбрак аҿы еицыҟоуп, урҭ рҭагылазаашьа бзиоуп. Егьырҭ аинституқәа хәба рҿышьаҭанкыла арҽеирақәа рҭахны иҟоуп.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.