Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ил-76 мраҭашәаратәи аракетала ишкажьыз шьақәнаргылеит аекспертиза

Аԥсахразы изгоз украинатәи атҟәацәа 74-ҩык зҭаз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит ажьырныҳәа 24 асааҭ 11:15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, 31 янв - Sputnik. Белгородтәи ажәҩанҵакыраҿы Ил-76 мраҭашәаратәи азенит ракетала ишкажьыз шьақәнаргылеит аекспертиза. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура ҷыдақәа рдыррақәа шьаҭас иганы.
"Аҳаирплан иаахаз ахәҭақәа, аекспертиза ирыԥшааз, иудырбоит аракета Мраҭашәара иҭыжьу азенит-ракетатә система ишаҵанакуа", - иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәоз ахаҿы.
Аԥсахразы изгоз украинатәи атҟәацәа зҭаз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит ажьырныҳәа 24 асааҭ 11:15 рзы. Аҳаирплан иҭан 65-ҩык УАМ аруаа рҟынтәи атҟәацәа, фҩык аекипаж алахәылацәа, хҩык урыстәылатәи аруаа. Дара зегьы ҭахеит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ари Киев ахатә тәылауаа ирҿагыланы имҩаԥнагаз цәгьоуроуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит украинатәи аган ибзианы ишырдыруаз аҳаирплан атҟәацәа шҭаз.