Аибашьра ианалага аамҭазы афатә ҳаман мызкы иҳазхаша, аха аӡын ааигәахо ианалага, 22 нызықьҩык иҟаз ажәлар, ҩынтә еиҳахеит, арҭ зегьы рныҟәгара уадаҩхеит, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы кәыбраа.
"Тҟәарал қалақьын. Афымца аныҟамла, афатә анынҵәа аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Аӡрыжәтә ашьхантә иаауан аҟынтә апроблема ыҟаӡамызт. Аҿкы чымазарақәа цәырнамгаӡеит, аха амлакра ыҟан. Аԥсуаа ақыҭақәеи ҳареи аимадара ҳаман, аҽаҩра иҭаргалаз ҳахәеит, аха аурыс милаҭ ауадақәа иҩназ рҭагылазаашьа цәгьахеит. Авертолиот иаанагоз ԥсымышьҭыган, аха уи азхаӡомызт. Аиҳабыра зегьы ацәажәарақәа мҩаԥыргон ацхыраара ҳазнагаразы", - ҳәа игәалаиршәоит Кәыбраа.
Усҟан Тҟәарчал иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы даҭан Зураб Лабахәуа. Нхыҵ Кавказ дцаны агуманитартә цхыраара еиҿыркааит, аха амҩан авертолиот еихсны идыртәеит, иаргы дытҟәаны дыргеит Қарҭҟа. Дараа агәаҟрақәа дрықәдыршәеит. Уи ҳгәы ҳнархьит, ас агыгшәыгра аадырԥшуеит ҳәа ҳаҟамызт абџьар зкымыз бырг иганахьала, ҳәа азгәеиҭеит Кәыбраа.
Усҟан уи ахҭыс ажәларгьы ақәыӡбеит. Аурысцәа рыбзоурала Тҟәарчалҟа инашьҭыз агуманитартә цхыраара мап ацәкын. Ажәлар ирымуит, ҳара аҽашыла ҳзаажәгеит убри аан ауаҩы дытҟәаны дрымоуп, шәара ишәылшоит иара ирхынҳәра ҳәа, раҳәан.
"Тҟәарчал усҟан ауаа рыла иҳаракын, рцәажәара бзиан, азыҟаҵара рыман. Ирымчны, аҵакы аҭаны ирацәажәон Еиду амилаҭқәа рхеилак аҟынтә иаауаз аделегациақәа. Тҟәарчал аҭагылазаашьа адунеи ахь ицәырҵуа иалагеит. Лабахәуа изҵаара рыӡбеит, нас амашьына дуқәа рыла, амҩаду ианыланы инарышьҭеит ацхыраара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыбраа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.