https://sputnik-abkhazia.info/20240131/khra-zlou-akhysa-kybraa-aibashraan-tarchal-iaz-amlakrei-rakhati-atskhyraarei-iazkny-1050019250.html
Хра злоу ахҭысқәа: Кәыбраа аибашьраан Тҟәарчал иҟаз амлакреи, раԥхьатәи ацхыраареи иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Кәыбраа аибашьраан Тҟәарчал иҟаз амлакреи, раԥхьатәи ацхыраареи иазкны
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал 31 шықәса раԥхьа аблокада ианҭакыз раԥхьатәи агуманитартә цхыраара анаиуз иамшуп ажьырныҳәа 31. Усҟан Тҟәарчал ашәах маҵзура аиҳабыс иҟаз Беслан... 31.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-31T21:30+0300
2024-01-31T21:30+0300
2024-01-31T22:43+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/1f/1050019086_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_34bc611022b7f5520bb71b2c37c7ab8a.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Кәыбраа аибашьраан Тҟәарчал иҟаз амлакреи, раԥхьатәи ацхыраара аиуреи иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Кәыбраа аибашьраан Тҟәарчал иҟаз амлакреи, раԥхьатәи ацхыраара аиуреи иазкны
Аибашьра ианалага аамҭазы афатә ҳаман мызкы иҳазхаша, аха аӡын ааигәахо ианалага, 22 нызықьҩык иҟаз ажәлар, ҩынтә еиҳахеит, арҭ зегьы рныҟәгара уадаҩхеит, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы кәыбраа."Тҟәарал қалақьын. Афымца аныҟамла, афатә анынҵәа аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Аӡрыжәтә ашьхантә иаауан аҟынтә апроблема ыҟаӡамызт. Аҿкы чымазарақәа цәырнамгаӡеит, аха амлакра ыҟан. Аԥсуаа ақыҭақәеи ҳареи аимадара ҳаман, аҽаҩра иҭаргалаз ҳахәеит, аха аурыс милаҭ ауадақәа иҩназ рҭагылазаашьа цәгьахеит. Авертолиот иаанагоз ԥсымышьҭыган, аха уи азхаӡомызт. Аиҳабыра зегьы ацәажәарақәа мҩаԥыргон ацхыраара ҳазнагаразы", - ҳәа игәалаиршәоит Кәыбраа.Усҟан Тҟәарчал иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы даҭан Зураб Лабахәуа. Нхыҵ Кавказ дцаны агуманитартә цхыраара еиҿыркааит, аха амҩан авертолиот еихсны идыртәеит, иаргы дытҟәаны дыргеит Қарҭҟа. Дараа агәаҟрақәа дрықәдыршәеит. Уи ҳгәы ҳнархьит, ас агыгшәыгра аадырԥшуеит ҳәа ҳаҟамызт абџьар зкымыз бырг иганахьала, ҳәа азгәеиҭеит Кәыбраа.Усҟан уи ахҭыс ажәларгьы ақәыӡбеит. Аурысцәа рыбзоурала Тҟәарчалҟа инашьҭыз агуманитартә цхыраара мап ацәкын. Ажәлар ирымуит, ҳара аҽашыла ҳзаажәгеит убри аан ауаҩы дытҟәаны дрымоуп, шәара ишәылшоит иара ирхынҳәра ҳәа, раҳәан."Тҟәарчал усҟан ауаа рыла иҳаракын, рцәажәара бзиан, азыҟаҵара рыман. Ирымчны, аҵакы аҭаны ирацәажәон Еиду амилаҭқәа рхеилак аҟынтә иаауаз аделегациақәа. Тҟәарчал аҭагылазаашьа адунеи ахь ицәырҵуа иалагеит. Лабахәуа изҵаара рыӡбеит, нас амашьына дуқәа рыла, амҩаду ианыланы инарышьҭеит ацхыраара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыбраа.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/1f/1050019086_180:0:2909:2047_1920x0_80_0_0_5abfc4ae81868ebe7fadb30f7f015675.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Кәыбраа аибашьраан Тҟәарчал иҟаз амлакреи, раԥхьатәи ацхыраареи иазкны
21:30 31.01.2024 (ирҿыцуп: 22:43 31.01.2024) Тҟәарчал 31 шықәса раԥхьа аблокада ианҭакыз раԥхьатәи агуманитартә цхыраара анаиуз иамшуп ажьырныҳәа 31. Усҟан Тҟәарчал ашәах маҵзура аиҳабыс иҟаз Беслан Кәыбраа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәоит уи шалыршахаз, насгьы арион аҿы амлакра ишаиааиуаз.
Аибашьра ианалага аамҭазы афатә ҳаман мызкы иҳазхаша, аха аӡын ааигәахо ианалага, 22 нызықьҩык иҟаз ажәлар, ҩынтә еиҳахеит, арҭ зегьы рныҟәгара уадаҩхеит, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы кәыбраа.
"Тҟәарал қалақьын. Афымца аныҟамла, афатә анынҵәа аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Аӡрыжәтә ашьхантә иаауан аҟынтә апроблема ыҟаӡамызт. Аҿкы чымазарақәа цәырнамгаӡеит, аха амлакра ыҟан. Аԥсуаа ақыҭақәеи ҳареи аимадара ҳаман, аҽаҩра иҭаргалаз ҳахәеит, аха аурыс милаҭ ауадақәа иҩназ рҭагылазаашьа цәгьахеит. Авертолиот иаанагоз ԥсымышьҭыган, аха уи азхаӡомызт. Аиҳабыра зегьы ацәажәарақәа мҩаԥыргон ацхыраара ҳазнагаразы", - ҳәа игәалаиршәоит Кәыбраа.
Усҟан Тҟәарчал иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы даҭан Зураб Лабахәуа. Нхыҵ Кавказ дцаны агуманитартә цхыраара еиҿыркааит, аха амҩан авертолиот еихсны идыртәеит, иаргы дытҟәаны дыргеит Қарҭҟа. Дараа агәаҟрақәа дрықәдыршәеит. Уи ҳгәы ҳнархьит, ас агыгшәыгра аадырԥшуеит ҳәа ҳаҟамызт абџьар зкымыз бырг иганахьала, ҳәа азгәеиҭеит Кәыбраа.
Усҟан уи ахҭыс ажәларгьы ақәыӡбеит. Аурысцәа рыбзоурала Тҟәарчалҟа инашьҭыз агуманитартә цхыраара мап ацәкын. Ажәлар ирымуит, ҳара аҽашыла ҳзаажәгеит убри аан ауаҩы дытҟәаны дрымоуп, шәара ишәылшоит иара ирхынҳәра ҳәа, раҳәан.
"Тҟәарчал усҟан ауаа рыла иҳаракын, рцәажәара бзиан, азыҟаҵара рыман. Ирымчны, аҵакы аҭаны ирацәажәон Еиду амилаҭқәа рхеилак аҟынтә иаауаз аделегациақәа. Тҟәарчал аҭагылазаашьа адунеи ахь ицәырҵуа иалагеит. Лабахәуа изҵаара рыӡбеит, нас амашьына дуқәа рыла, амҩаду ианыланы инарышьҭеит ацхыраара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыбраа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.