Кәыбраа Тҟәарчал ақалақь аблокада ианҭакыз аамҭақәа ирызкны

Sputnik
1992-1993 шықәсқәа рзы Тҟәарчал ақалақь аблокада иҭакын, ажьырныҳәа 31 рзы уахь инаган раԥхьатәи агуманитартә цхыраара.
Арадио Sputnik аефир аҿы урҭ ашықәсқәа рзы Тҟәарчал ашәахтә маҵзура аиҳабыс иҟаз Беслан Кәыбраа игәалаиршәоит уи шалыршахаз.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.