Аԥсны

Пицунда абаҳча маҷ ҿыц еиҿкаахоит

Апроект мҩаԥгахоит ақалақь ауааԥсыра, анаплакыҩцәа, "Акурорт Пицунда" еизырго аԥарала, иазԥхьагәаҭоуп ҩба-хԥа мзы ирылагӡаны ахыркәшара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда агәаҿы мызқәак рыла ауаажәларратә зона аԥҵахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкаара "Пицунда аҿиара ацхрааразы" алахәыла Ҭемыр Амԥар.
"Абаҳча маҷ Пицунда агәаны, аныхабааш аҿаԥхьа еиҿкаахоит. Иҳаӡбеит араҟа идуум аԥсшьарҭа аԥаҳҵарц – ауаа натәаны рыԥсы ршьо, каҳуак инахәо, иара убасгьы иаанеиааиуа иҟаларц. Апандусқәа, алашара, атәарҭақәа шьақәҳаргылоит. Аҵакыра ҳариаҵәоит", - иҳәеит иара.
Амԥар иҳәеит апроект шынарыгӡо Пицунда ахадара рақәшаҳаҭрала, ақалақь ауааԥсыра, анаплакыҩцәа, "Акурорт Пицунда" еизырго аԥарала. Иахьазы еизгоуп ҩ-миллион мааҭк.
Апроект автор – архитектор Амина Џьниаԥҳа.
Иазԥхьагәаҭоуп ҩба-хԥа мзы рыҩнуҵҟала аусурақәа рхыркәшара.