Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ануа архәҭақәа рҭагылазаашьа иазкны

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ааигәа архәҭақәа рҭагылазаашьазы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рлыҵшәа атәы, аруаа арратә ҭагылазаашьа иахьынӡазхиоу.
Sputnik
Аруаа рынхарҭа-рынҵырҭа зеиԥшроу, иагу-иабзоу аилкааразы, иара убас ашықәсан иҳалшо адырразы, аруаа рыԥсҭазаашьа зеиԥшроу абаразы имҩаԥган агәаҭарақәа.
"Алкаақәа ҟаҵоуп. Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәыргылатәу азҵаарақәа ҟалоит, ҳхала иаҳзымыӡбо ыҟоуп, аха иаҳбаз зынӡаск ауаҩы игәы канажьыртә еиԥш иҟам. Аформа зшәу агәалаҟазаара рымоуп аԥсадгьыл ахьчараз, руалԥшьа анагӡара ишазыхиоу ҳбеит. Ргәырҽынӡамкәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган, урҭгьы алҵшәа бзиа рымоуп, угәы иаахәартә иҟоуп", - ҳәа иҳәеит Ануа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.