Аԥсны

Жәабран 1 азы Аԥсны афымцамч азы аԥкрақәа алагалахоит

2023 шықәса абҵарамза инаркны Аԥсны мраҭашәареи Аҟәеи афымцалашара аиуеит Урыстәылантәи, мрагыларатәи ахәҭа - ЕгрыГЕС аҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аԥшьаша, жәабран 1 азы Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥкрақәа алагалоуп араионқәа зегь рыҟны - Урыстәылантәи алашара зауа реиԥш, ЕгрыГЕС аҟынтә изауагьы.
Алашара аԥкрақәа ралагалара ахҟьоит урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара амҿхак ахьеиҵахаз. Ари аамҭеихша еиҭакхар, хазы адырра ҟарҵоит.