АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Апсихотроптә маҭәашьарқәа рыларгеит Аԥсны Аҳазалхратә еилаки амилициеи русзуҩцәа, абри атәы аанацҳауеит АҲЕ апресс-маҵзура.
Апсихотроптә маҭәашьарқәа жәа-ҭоԥк аҳазалхҩцәа ихала ириҭеит "Ԥсоу" аҳәааҿы иаанкылаз ахаҵа. Урҭ рахьтә ԥшьба- "Габапентин Канон", фба - "Лирика" ракәын.
"Аԥсны АҩАР аҭцаара-акриминалисттә центр иҟанаҵаза алкаақәа рыла ҭоԥк иҭан апсихотроптә маҭәашьар прегабалин згәылаз "Лирика" акапсулақәа 75, иааидкыланы 22,5 грамм иҟан. "Габапентин Канон" 60 капсул ыҟан, 18 грамм габапентин агәылан", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
хаҵа даанкылоуп, еидкылоу аматериал Аԥсны АҩАР ашьаусԥшааратә ҟәшахьы инашьҭуп.