Аԥсны

Аӷьычразы ҩыџьа ахацәа аанкылоуп Гагра

Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Гагра иӷьычыз 35 шықәса зхыҵуа Нури Дбари 31 шықәса зхыҵуа Леван Ҭарсмани аанкылоуп.
Ашьаус аматериалқәа адыррақәа рыла, арҭ ахацәа Гагра, Абазгаа рымҩаҟны игылоу ахахәыҟаҵарҭа иатәыз шә-нызқьмааҭ иаԥсаз агенератор рӷьычит.
Аԥсны АҩАР адырра шыҟанаҵо ала, Дбари Ҭарсмани уаанӡагьы ахатә мазара аӷьычразы иаанкылан. Агенератор аӷьычра ихьанҭоу ацәгьоурақәа ирхыԥхьаӡалоуп, уи азы иаанкылоу 8 шықәса аҭакра рықәҵахар ҟалоит.
Гагратәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭала ахацәа аанкылоуп, ашьаусԥшаара иацҵоуп.