Аԥсны

Сангәлиа Бедиатәии Мықәтәии ауахәамақәа рҭагылазаашьазы

Sputnik
Бедиатәи, Мықәтәи ауахәамақәа рҭагылазаашьазы аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигаз аиԥылара ашьҭахь Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Гарик Сангәлиа арадио Sputnik ахь ааԥхьара иҭан. Иара иахьа имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.