Аԥсны

Актәи амилаҭтә: Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурых

Жәабран 5, 2024 шықәсазы 45 шықәса ҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аартразы СССР аминистрцәа Рхеилак ақәҵара аднакылеижьҭеи.
Sputnik
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа шаԥҵахаз, иахьа уи аус шауа Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Арҵаҩратә институт аҟынтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟынӡа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых ахы акуеит 1932 шықәсазы А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт аартра аахыс.

Жәабран 5, 1979 шықәсазы Арҵаҩратә институт ашьаҭала иаартын Аҳәынҭқарратә университет. Ари алшеит "130-ҩык рышәҟәы" СССР аиҳабыра ианырзынашьҭха ашьҭахь. Ашәҟәаҿы изҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР алҵра.

Аԥсуа интеллигенциа рышәҟәы Москвеи Қарҭи акыр ршьапы иқәнаҟьеит. Убасҟан ЦК КПССи СССР Аминистрцәа Рхеилаки иҭрыжьит ақәҵара Аԥснытәи АССР аҿиаразы. Адокумент иазԥхьагәанаҭон ауниверситет аартра, ателехәаԥшра аԥҵара, амшынбаӷәаза аргылара, Акьыԥхь аҩны аус арура.
Арадио
Дамениа: Аԥсуа университет аартра зыбзоурахаз 130-ҩык рышәҟәоуп
Ауниверситет милаҭла аиҟәшара аиуит 1989 шықәсазы, анаҩс - СССР 1991 шықәсазы аилаҳара, 1992-1993 шықәсқәа раантәи аибашьра, уи ашьҭахьтәи аблокада ауниверситет аҿиаразы иԥышәага ӷәӷәахеит.
Абри аамҭа уадаҩ азы ААУ адгылара бзиа анаҭеит Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет, ҷыдала аректор Виктор Садовничи. МГУ Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҟынтәи ираԥхьатәхеит ААУ аҵаратә, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьазҵаз.
2006 шықәсазы ААУ автономтә милаҭтә университет астатус аиуит, атәыла ахада инеигӡо ашьаҭаркҩы имчлшара аиуит.

Иахьатәи аамҭа

Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаԥҵоуп адыррақәа риуразы алшара шьахәқәа. 2017 шықәсазы Аинвестицитә программа инақәыршәаны аҵаратә усбарҭеи азеиԥшнхарҭеи рхыбрақәа еиҭашьақәыргылан.
Иаартуп афакультетқәа жәба, аҵара рҵоит 2 000-ҩык рҟынӡа астудентцәа. Арҵаҩратә еилазаара рхыԥхьаӡара 450-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
2018 шықәса раахыс астудентцәеи арҵаҩцәеи рзы аус ауеит азеиԥшнхарҭа. Уи иаднакылоит 200-ҩык инареиҳаны. Хәбаны еихагылоу ахыбра иахәҭоу ала еиҿкаауп. Актәи аихагылаҿы иҟоуп аԥсшьарҭа уада, аԥхьарҭатә зал, абиблиотека.
40 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥснытәи ауниверситет иоуныжьҭхьеит жәаҩыла аполитикцәа, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии аусзуҩцәа, абизнес ахаҭарнакцәа, амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа.
Аԥсны
Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҩнуҵҟа иаадыртуеит МАУ аҭҵаарадырреи аҵарадырреи ацентр
Арҵаратә усҳәарҭеи урыстәылатәи ауниверситетқәеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит. Убас сынтәа, иазгәаҭоуп ААУ аҿы МГИМО ашкол аусура аларгара. ААУ асистемаҿы аус рулоит МГИМО апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, еицырдыруа аҵарауаа, аполитологцәа. Дара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аглобалтә економика, ҳаамҭазтәи аимакқәа рхыҵхырҭақәеи иҟалар зылшо рыхҟьаԥҟьақәеи ирылацәажәалоит, атехнологиатәи, аекономикатәи суверенитет ҳазну адунеи аҿы ҭыԥс иааннакыло.
Иара убасгьы, иаадыртраны иҟоуп Ломоносов ихьӡ зху Москватәи ауниверситет аҭҵаарадырреи аҵареи Рцентр.
ААУ – оксфордтәи академиатә Хеилак Евразиатәи ауниверситетқәа рассоциациеи еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аидгылақәеи ирылахәуп.