АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Бзыԥтәи аҩхааҿы ашаха цҳа иалҟьаз атурист иԥсыбаҩ Москваҟа иргоит Риҵатәи амилаҭтә парк ахарџь ала ҳәа иҳәеит адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Уи адагьы иҭахаз иан миллион мааҭ лыҭахоит.
Риҵатәи апарк аҿы ари аиԥш зеиԥшу аттракционқәа даҽа ԥшьба ыҟоуп. Аӡынразы руак ауп аус зуа. Багаҭелиа иҳәеит урҭ зтәу зегьы Аҳәынҭстандарт аусбарҭаҿы аттракцион атехникатә ҭагылазаашьазы ашәҟәы роур шакәу, уи амилаҭтә парки ахатәтәҩи рыбжьара аилаӡарада иурҭаӡом ҳәа. Аршаҳаҭга шәҟәы ҿҳәараны шықәсык амоуп. Уажәазы ирымаз ашәҟәы аҿҳәара 2024 шықәса цәыббрамзазы инҵәараны иҟоуп.
28 шықәса зхыҵуаз Оренбургтәи аобласт ауаҩԥсы жәабран 3 рзы аӡиас Иаӷьа аԥшаҳәақәа еимаздо ашаха цҳа далҟьан, иԥсҭазаара далҵит. Аусҭҵаараԥхьатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Анаҩс ашьаус хацыркхоит.