Аԥсны

Гәынба: адгылараз аконцертқәа реиҿкаара ҳрызхьаԥшыр бзиан

Sputnik
Амилаҭтә сахьаҭыхымҭатә галереиа аиҭашьақәыргылара азҵаара адгыларазы агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит аҳәынҭфилармониаҿы жәабранмза 6 рзы. Ари аконцерт иалахәхо, аԥара аизгара шымҩаԥгахо, насгьы аҟәрышь ҷыдала изырхахо уҳәа, арадио Sputnik аефир аҿы азҵаарақәа рҭак ҟаиҵон Аԥсны акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.
"Ас еиԥш иҟоу аконцертқәа рацәаӡам. Ауаа макьана иамышьцылацт, ҳаргьы азыҟаҵара ҳагуп уи аганахьала. Ауаа ирызнагалатәуп уи акультура. Иара акультура аминистрра иатәу ахыбрақәа роума, аколлективқәа адгылара рыҭаразы аума, аконцертқәа реиҿкаарахь ҳхьаԥшыр бзиан", - ҳәа иҳәеит Гәынба.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.