Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит ҵыԥхтәи адгьылҵысра иахьа Ҭырқәтәыла ишаиааиуа

Шықәсык ҵит Ҭырқәтәыла арыцҳара ду зхылҿиаз адгьылҵысра ҟалеижьҭеи. Атәыла анапхгареи агәаҟра иақәшәаз ауааԥсыреи уи ишаиааиуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Ҭырқәтәыла Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба.
Sputnik
Жәабран 6, 2023 шықәсазы Ҭырқәтәыла лада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жә-сааҭк рыбжьаны 7,7; 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҩба ҟалеит. Адгьылҵысра рнырит атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу. Ҭырқәтәыла мацара иҭахаз 53 нызқьҩык иреиҳауп. Атәыла иаиуз аекономикатә ааха 105 миллиард доллар инацны иҟоуп.
"Арыцҳара ашьҭахь ииасыз аамҭазы Ҭырқәтәыла даара аус рыдырулеит еилабганы иҟаз ахыбрақәа. 60 нызқьҩык еиҳаны ауаа ҭахеит, еилабгаз ахыбрақәа даараӡа ирацәоуп. Иахьа иаҳбо, иаҳдыруа ала еилабгаз зегьы дрыцқьеит. Адгьылҵысра инацәыхаран ҿыцны ақалақьқәа дыргылеит, абжанӡа иҟаҵаны ауаа аҩнқәа ирыҩналартә ирырҭеит… Даҽа шықәсык анаҩс аҩны змам аанхом ҳәа, аусурақәа ирҿуп ", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.