https://sputnik-abkhazia.info/20240207/aba-eieieit-ykhti-adgylysra--iakha-yrtyla-ishaiaaiua-1050075410.html
Аҩӡба еиҭеиҳәеит ҵыԥхтәи адгьылҵысра иахьа Ҭырқәтәыла ишаиааиуа
Аҩӡба еиҭеиҳәеит ҵыԥхтәи адгьылҵысра иахьа Ҭырқәтәыла ишаиааиуа
Sputnik Аҧсны
Шықәсык ҵит Ҭырқәтәыла арыцҳара ду зхылҿиаз адгьылҵысра ҟалеижьҭеи. Атәыла анапхгареи агәаҟра иақәшәаз ауааԥсыреи уи ишаиааиуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik... 07.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-07T13:25+0300
2024-02-07T13:25+0300
2024-02-07T14:40+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/07/1050075503_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_4bd7ed3451d18fbca819f8ffc919e789.jpg
Аҩӡба еиҭеиҳәеит ҵыԥхтәи адгьылҵысра иахьа Ҭырқәтәыла ишаиааиуа
Sputnik Аҧсны
Аҩӡба еиҭеиҳәеит ҵыԥхтәи адгьылҵысра иахьа Ҭырқәтәыла ишаиааиуа
Жәабран 6, 2023 шықәсазы Ҭырқәтәыла лада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жә-сааҭк рыбжьаны 7,7; 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҩба ҟалеит. Адгьылҵысра рнырит атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу. Ҭырқәтәыла мацара иҭахаз 53 нызқьҩык иреиҳауп. Атәыла иаиуз аекономикатә ааха 105 миллиард доллар инацны иҟоуп."Арыцҳара ашьҭахь ииасыз аамҭазы Ҭырқәтәыла даара аус рыдырулеит еилабганы иҟаз ахыбрақәа. 60 нызқьҩык еиҳаны ауаа ҭахеит, еилабгаз ахыбрақәа даараӡа ирацәоуп. Иахьа иаҳбо, иаҳдыруа ала еилабгаз зегьы дрыцқьеит. Адгьылҵысра инацәыхаран ҿыцны ақалақьқәа дыргылеит, абжанӡа иҟаҵаны ауаа аҩнқәа ирыҩналартә ирырҭеит… Даҽа шықәсык анаҩс аҩны змам аанхом ҳәа, аусурақәа ирҿуп ", - иҳәеит Аҩӡба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/07/1050075503_336:0:3067:2048_1920x0_80_0_0_6d89fa1ccad38c5423ace23944f47a5a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит ҵыԥхтәи адгьылҵысра иахьа Ҭырқәтәыла ишаиааиуа
13:25 07.02.2024 (ирҿыцуп: 14:40 07.02.2024) Шықәсык ҵит Ҭырқәтәыла арыцҳара ду зхылҿиаз адгьылҵысра ҟалеижьҭеи. Атәыла анапхгареи агәаҟра иақәшәаз ауааԥсыреи уи ишаиааиуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Ҭырқәтәыла Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба.
Жәабран 6, 2023 шықәсазы Ҭырқәтәыла лада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жә-сааҭк рыбжьаны 7,7; 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҩба ҟалеит. Адгьылҵысра рнырит атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу. Ҭырқәтәыла мацара иҭахаз 53 нызқьҩык иреиҳауп. Атәыла иаиуз аекономикатә ааха 105 миллиард доллар инацны иҟоуп.
"Арыцҳара ашьҭахь ииасыз аамҭазы Ҭырқәтәыла даара аус рыдырулеит еилабганы иҟаз ахыбрақәа. 60 нызқьҩык еиҳаны ауаа ҭахеит, еилабгаз ахыбрақәа даараӡа ирацәоуп. Иахьа иаҳбо, иаҳдыруа ала еилабгаз зегьы дрыцқьеит. Адгьылҵысра инацәыхаран ҿыцны ақалақьқәа дыргылеит, абжанӡа иҟаҵаны ауаа аҩнқәа ирыҩналартә ирырҭеит… Даҽа шықәсык анаҩс аҩны змам аанхом ҳәа, аусурақәа ирҿуп ", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.