Аԥсны

Шә-нызқьмааҭ еиҳаны еизган Амилаҭтә галереиа адгыларазы Аҟәа имҩаԥысыз аконцерт аҿы

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра блит ажьырныҳәа 20-21 руха. Уи иахҟьаны Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд иамаз 4000 сахьаҭыхымҭа блит — аиқәырхара зылшаз 200 сахьа роуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Шә-нызқьмааҭ еиҳаны еизган Амилаҭтә галереиазы Аҟәа имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
"103 360 мааҭ еизгоуп. Арҭ аԥарақәа аминистрра аԥхьаӡамҭа ҷыдахь инашьҭхоит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Аконцерт еиҿнакааит Акультура аминистрра, еизгаз аԥарақәа зегьы агалереиа афонд азы асахьаҭыхымҭақәа алаахәахоит.
Ахәаԥшыҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Уасил Царгәыш ихьӡ зху жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль ахор, Аҳәынҭқарратә хортә капелла, ахәыҷтәы ахореографиатә ансамбль "Абаза", агәыԥқәа "Апсны-67", "Anatrio", аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.
Аԥсны
Сақаниа еиҭеиҳәеит еиқәырхоу асахьақәа рконсервациа актәи ахәҭа шхыркәшахаз
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра блит ажьырныҳәа 20-21 руха. Уи иахҟьаны Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд иамаз 4000 сахьаҭыхымҭа блит — аиқәырхара зылшаз 200 сахьа роуп.
1999 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа, Пушкин имҩаҿ игылоу ахыбра Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа иазалихит. Иахьа уажәраанӡа ус иаанханы иҟоуп, аха уажәазы еиқәхази ԥхьаҟа иаахәахои арҿиамҭақәа ирыҵәахырҭахарц азы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азгәаҭоуп.