Аԥсны

Аҟәатәи ашьха ахаҿрарԥшӡара: иарбан усурақәоу имҩаԥырго

Аҳҭнықалақь ахадара аԥара азоурыжьҭит Аҟәатәи ашьхараҿ арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгаразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ашьхаҿы аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа шцац ицоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амуниципалтә усбарҭа "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.
Анаԥшааԥшырҭатә ҭыԥ аиҭашьақәыргылара иалгахьеит, ашәратә усурақәа роуп инханы иҟоу.
"Ахыргьагьа аҵла ақәҳан ахыби аҳамԥи аахақәа рынаҭеит. Урҭ уажәазы еиҭашьақәыргылоуп. Ахыб рыԥсахит, абаркьылҭаԥсақәеи аҳамԥақәеи еиҭашьақәдыргылеит, аҩычагақәеи арлашаразы афымцацәаҳәақәеи наргеит, агәашьақәа ҵаҟатәи рыхәҭақәа ҿыц иҭадырҭәеит", - еиҭеиҳәеит иара.
Аҟәатәи ашьхараҿы аԥшырҭатә ҭыԥ анаҩсгьы аӡыршәгьы шьақәыргылахоит. Уи арҽеиратә усурақәа ҩымзҟа иадхалоит. Уажәазы анардадаратә еиҿкаара аӡыршә азы амыругақәа ахьыргылахо атехникатә уада аргыларазы аусурақәа мҩаԥыргоит.
"Амыругақәа аахәоуп, урҭ лассы ареспубликахь иааргоит. Иара убасгьы, аӡыршә ахаҭа арԥшӡагахәҭақәа еибырҭоит", - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.
Ахыргьагьа аиҭашьақәыргылара иақәхарџьуп 9,5 миллион мааҭ. Аӡыршә аиҭашьақәыргылареи уи ахкаареи рзы 3,5 миллион мааҭ азгәаҭоуп.
Аҟәатәи ашьхараҿ арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгаразы аҳҭнықалақь ахадара аԥара азоурыжьҭит.