АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Урыстәыла аруаа Краснолимантәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа ҩба аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Купиантәи ахырхарҭаҿы ажәыларатә гәыԥқәа хәба аԥырҟәҟәаауп. Харьковтәи аобласт, Синьковкеи ДЖәР Терна аилынхарҭаҟны амеханизациа зызу 44-тәи, УАМ 25-тәи аҳауа-десанттә гәыԥ, 13-тәи амилаҭтә гвардиа ржәылара аԥдырҟәҟәааит.
Зынӡа аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп 570 ҳаирплан, 265 вертолиот, 1204 аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа, 462 азенит ракетатә комплекс, 14938 танки даҽа еибашьыга кәылӡтәы машьынеи, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа реибашьыга машьынақәа 1218, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 7995.