Аԥсны

Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа "Кавказ ажәларқәа" ҭнажьит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа "Кавказ ажәларқәа" ҭнажьит, абри атәы аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.
Араӡны иалху аԥараҿырԥ 200 ԥсар иҟоуп, 1000 цыра ҭыжьуп. Иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа.
Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ареверс аҟны асериа афырхацәа зегьы "Кавказ ажәларқәа рыматәеи рабџьари" ҭихит.
Аверс аҿы – афотоҭыхыҩ Дмитри Ермаков XIX ашәышықәсазы иҭыхымҭа "Аԥсуа депутатцәа" аҟынтәи аибашьцәа рфотосахьа, амратә дыргеи ажәҩан иалоу 11 шьауардынқәеи.