Аԥсны

Аԥсны аԥсыӡкыгатә ӷбақәа хԥа 780 нызқь мааҭ ахараԥса рықәырҵеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Аԥсны аԥсыӡкыгатә ӷбақәа хԥа 780 нызқь мааҭ ахараԥса рықәырҵеит, дара аҟәара иазааигәаны аԥсыӡ ркуан, абри атәы иҳәеит Аекологиаз Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Ӷбак аԥкрақәа ҩынтә еиланагахьан, уи икыз аԥсыӡ ақәын, аԥсабара иаҭоу ааха азы 600 нызқь мааҭ ахараԥса адҵан, иара убас 24 сааҭ аԥсыӡкразы азин рымхуп.
Аҩбатәи хынтә иаанкылан, аха аԥсыӡ ақәмызт. Ахараԥса -120 нызқь мааҭ, ҩаха-ҩымш аԥсыӡкразы азин рымхуп.
Ахԥатәи аӷба аԥҟарақәа еиланагахьан ҳәа уаанӡа иазгәаҭамызт, аха икыз аԥсыӡ ачарҭаҿ иқәын. 60 000 мааҭ ахараԥса ақәҵоуп, аԥсыӡкразы азин амхӡам.