Кара-Осман-оӷлы иҳәеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҽалархәра ҳаԥсуа ҿар рзы изхадароу

Sputnik
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҽалархәра ҳаԥсуа ҿар рзы изхадароу, ари аԥышәа дара ирзаанартуа алшарақәа ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы.
Хәажәкыра 1 инаркны 7-нӡа "Сириус" имҩаԥгахоит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль. Аусмҩаԥгатә иалахәхоит шәҩык рҟынӡа аԥсуа ҿар рхаҭарнакцәа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.