АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. 2013 шықәсазы иҭахаз Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны.
Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵаразы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аҭӡамц аҿы икыду амемориалтә ӷәы ахь инеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, ареспубликаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба.
"Дмитри Вишерниови иԥшәмаԥҳәыси рыхьыӡқәа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра актәи аихагылаҿы икыду аҭыӡҩыраҿ иануп. Иаҳгәалашәоит, ҳгәы хьаауеит", - иҳәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, аконсул ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вишернев дшьын Аҟәа ақалақь аҟны 2013 шықәса цәыббра 9 рзы.
Адипломат иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишернева илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны лыԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы цәыббра 14 рзы.
Дмитри Вишерниови иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишерниови ргәаларшәаразы амемориалтә ӷәы кыдҵан Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны 2018 шықәса, жәабран 8 рзы.