Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Риҵа имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа ирызкны

Sputnik
Аусбарҭабжьаратә ҽазыҟаҵарақәа хыркәшоуп Риҵа. Урҭ ирылахәын 50-ҩык рҟынӡа амчратә усзуҩцәа, авариа-еиқәырхаратә техника, БРДМ, ашхәа, ацхыраара ласы амашьына. Риҵа атактикатә ҽазыҟаҵарақәа АҶА уаанӡагьы имҩаҧыргон, сынтәа амчратә усзуҩцәагьы рыцлеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит алҵшәақәа ртәы.
Жәабран 10 рзы Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аԥсны АҩАР, АҶА, Аԥсны аҳәынҭхьчаратә маҵзура, АШәМ, иара убас Урыстәыла АҩАР, АШәМ, Росгвардиа рхаҭарнакцәа. Урҭ шымҩаԥысуаз иахәаԥшуан Аахыҵ Уаԥстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Алан Гучмазов напхгара зиҭо аделегациа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа аиҿцәажәараҿы иҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭаз егьырҭ аусбарҭақәеи дареи еизааигәаны аус шеицыруа атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.