Аиҳабыратәи абиԥара ибзиаӡаны иргәалашәоит, аԥсуа иԥсадгьыл аҟны изинқәа анԥкыз аамҭақәа. Ачынтә маҵзурақәа ирхагылаз аиҳарак ақырҭуа милаҭ ракәын. Аԥсуа иҿахәы дақәиҭӡамызт, шьаҭанкыла аԥсуа цәа зыҟәныз зегь арӡра акәын изышьҭаз дара. Абри азинтә еиҟарамра егьараан иахылҿиаахьан амитингқәа, амлашьратә акциақәа, аҵыхәтәаны аибашьра… Гаграа акалашәа ирныԥшуан ари аҭагылазаашьа, хыԥхьаӡарала ақырҭқәа акырӡа ираԥыргон азы. Аԥсуаа рыхәцә ҵкааны ишрымазгьы, зегь акоуп ҳмилаҭ ирымаз аидгылара иалҵшәаны мчыла рыбжьы дыргон. Ринтересқәа ӡырыргон аҭыԥантәи агазеҭ "Авангарди" арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагреи" рыла. Акыр шықәса арҭ амассатә информациатә маҵзурақәа ирзааԥсахьаз ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа, арадио адунеизегьтәи амш инақәыршәаны дазааҭгылеит усҟантәи русушьеи арадио ахь лнеиреи шыҟалази ртәы.
Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа Сергьегьиаԥҳа арадио ахь лнеира машәыршақә иҟамлеит. Лара дшыхәыҷз инаркны ажурналистика агәыбылра лкхьан. Бармышьтәи аашықәсатәи абжьаратә школ данҭаз нахыс ажурнал "Амцабз" ахь илшьҭуан ашкол аԥсҭазаара иазкыз астатиақәа, убас ақыҭа абзазара иадҳәалаз лматериалқәа агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы иркьыԥхьуан. Лиудмила а-7-тәи акласс аҿы дантәаз Улиана Громова лыхьӡ зхыз апионертә отриад ԥызас даман. Урҭ рықәҿиарақәа ртәы изныкымкәа аԥсуа радио аҟнытә ажурналист Ҭина Қорсаиаԥҳа дааны аинтервиу лымылххьан.
"Ҳқыҭахь афымцатә цәаҳәақәа анаарга, саҳәшьеиҳабы арадио "Весна" аалхәеит. Уи ныҳәа дук иаҳзаҩызахеит. Есыҽны, аԥсуа радио ацәаҳәа ԥшааны абарҵахь идәылганы абжьы ацысҵон ҳгәылацәагьы ажәабжьқәа дсырҳарц азы. Нас ԥшьала даргьы арадиодкылагақәа аархәеит, усҟан "Рекорд" ҳәа изышьҭаз цәырҵит. Ажәакала арадио ҳаҭыр аман, аиҳарак аԥсуаа ҳзы", - лҳәоит ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.
Асовет аамҭақәа раан, Гагра араион аҟны агазеҭ "Авангард" акәын кьыԥхьс ажәлар ирыдыргылоз. Анаҩс, аԥошьҭа аимадара аҟәшаҟны хаԥшьгарак аҳасаб ала арадио аус адыруит. Уи 30 минуҭ азԥҵәан. Раԥхьа қырҭшәалеи урыс бызшәалеи ажәабжьқәа ҭыҵуан. Ус ишыҟаз еихшаны аԥсуа ҟәша 10 минуҭк арҭеит. Арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" дикторс даман Белла Барцыцԥҳа. Лара акыр шықәса аџьабаа ду адылбалеит, анаҩс даҽа усурҭа ҭыԥк ахь даниас аԥсуа ҟәша аркхеит. Убасҟан ажурналистикаҟны зхы ԥызшәахьаз Лиудмила Сергьегьиаԥҳа илыдыргылеит ари аус. Гагра анагӡаратә комитет апропаганда аҟәшаҿы аус зуаз Григори Еныкьи агазеҭ "Авангард" аредактор Закан Агрбеи рыбзоурала, ҩаԥхьа Гагра араион Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лыбжьала ҳхатәы бызшәа алаҩҩит.
"Арадиодырраҭара амҩаԥгаразы Закан Агрба абжьгара ансиҭа, хымԥада сақәшаҳаҭхеит. Избанзар, ари бзиа избоз аус акәын, насгьы Белла Барцыцԥҳа лаамышьҭахь аԥсуаа рҿахәы зҳәоз адиктор дыҟамызт. Аԥсуаа ҳабжьы гароуп ҳәа аусура сҭыҵит", - илгәалашәоит лара.
Мчыбжьык хынтә 10 минуҭк ирылагӡаны Лиудмила Сергьегьиаԥҳа аԥсуа радиозыӡырҩцәа ирыдылгалон лхала араион аҟны еизылгоз ажәабжьқәа. Акультура, аспорт, аҵарадырра, атуризм уҳәа ирыдҳәалаз. Лыбжьы ҭалыҩуан ашьыжь асааҭ 10 рзы, шьыбжьон 15 сааҭ рзы аефир ахь ирышьҭуан. Усҟантәи аамҭазы амилициа аҟәшаҿы аус зуаз Валери Кәыҵниа Лиудмила Сергьегьиаԥҳа илаиҳәеит, аусураҿы аԥсуаа зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа ажәабжьқәа ишрызԥшу. Раԥхьа усгьы қырҭшәала акәын аефир шцоз, нас урысшәала, аҵыхәтәаны аԥсышәала. "Ицәажәоит Гагра" ҳәа адиктор лыбжьы анаагалак, ақырҭқәа арадио абжьы иагырханы акабинет идәылҵуазаарын. Аԥсуаа еибырҩуа еиҭа абжьы иҩаханы рхатәы бызшәала ажәабжьқәа ирзыӡырҩуан. Арадио ацәырҵра ҿамҩак аҳауа цқьа ирзаҩызан усҟан аԥсуаа.
"Жәаминуҭк ажәабжьқәа рзы ирацәамзаргьы имаҷым. Аԥсуаа рыԥсҭазаареи хырхырҭа рацәала русуреи уҳәа срызҿлымҳаны еизызгоз ракәын аиҳарак сзыԥхьоз. Схы иасырхәон агазеҭ "Авангард" аҿы икьыԥхьыз сколлегацәеи сареи ҳастатиақәа. Ажурналистика инаваргыланы аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс сыҟан амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" аҟынгьы. Убра излацәажәоз ҳмилаҭтә зҵаарақәагьы дсырҳауан ажәлар. Исгәалашәоит Анагӡаратә комитет аҟны аус зуаз Лиудмила Ҳаразиаԥҳа "аԥсышәала ибҳәо еиҭаганы ирдырыр бҭаркоит" ҳәа хьаас сышлымаз. Ажәабжьқәа рышьҭахь аԥсуа шәақәа аҿаскуан. Урҭ схала амагнитофон "DAINA" аҟнытә ихызҩаалақәоз ракәын. Аиашазы ҳшәаӡомызт. Аԥсуаа Гагра ҳмаҷын, аха агәаӷь ҳазҭан, ҳашҿаҳәазгьы ҳхатәы бызшәала ҳцәажәон", - ҳәа азгәалҭоит ажурналист.
1989 шықәсазы, Гагра акинотеатр аҿаԥхьа имҩаԥгаз амлашьратә акциа алахәцәа дрыҿцәажәаны, маӡала арадио ала илшьҭуан Лиудмила Сергьегьиаԥҳа. Акциа ахықәкы урысшәала аефир ахь иршьҭуамызт аҟнытә, аԥсышәала, излауаз ала иазԥҵәаз аамҭа лыҽҭагӡаны азакәан аԥсуаа ҳзы аус шамуа, ақырҭқәа ҳмилаҭ ахаҿра ахәаҽра ишаҿу длырҳауан арадио ацәаҳәақәа ахьнеиуаз Гагреи, Цандрыԥшьи, Пицундеи, Бзыԥҭеи инхоз аԥсуаа.
"1992 шықәса ԥхынгәымзазы, сира амш аҿаԥхьа арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" адаркит. Нас ауп ианеилыскаа цәымӷыс сышрымаз. Владимир Џьологәуа ҳәа арадио аиҳабыс иамазгьы дақырҭуамзи, иарҳәо иалагазаап аполитикатә ҟазшьа змаз ажәабжьқәа сышрыԥхьоз. Гагра анагӡаратә комитет аиҳабы Қәучухьиӡе ҳус дшадымгылоз ҳдыруан азы ихаҭыԥуаҩ, еиҳа ауаҩра илоуп ҳәа иаҳԥхьаӡоз Џьинчараӡе ихьӡала ашәҟәы ҩны, ҳнапқәа ақәҵаны иаҳшьҭит аԥсуа ҟәша аусура хацдаркырц азы. Ус мызкы ашьҭахь иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра. Гагра араион ахы ианақәиҭха, Џьинчараӡе икабинеҭ аҟны ишықәыз ҳбеит зынӡа изхәымԥшыз уи ашәҟәы", - еиҭалҳәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.
Аамҭала, Гагра арадио шыҟаз зырҵабыргуа архив ҳәа акагьы ыҟам иахьа. Лиудмила Сергьегьиаԥҳа илгәалалыршәеит кассетак ада шлымамыз. Убри хаанӡа, ианҵуа ианыхуа аус алалуан.
"Арадио аиҳабы иахь изныкымкәа ашәҟәы зыҩхьан архив азы акассета ҿыцқәа шысҭаху ала. Аха хыхь ишысҳәаз еиԥш аибашьра згәы иҭаз аӷацәа аԥсуа ҟәша наӡаӡа иадаркит ҳәа ирԥхьаӡон", - лҳәоит ажурналист.
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа иахьагьы лгәы азыбылуеит арадио. Уи абзоурала издырыз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа рацәоуп ҳәа азгәалҭоит лара. Ҭина Қорсаиаԥҳа, Елеонора Барцыԥҳа уҳәа еигәныҩуан усҟан, аха ажәабжьқәа еимырдартә еиԥш аҭагылазаашьа рырҭомызт.
"Аиҳабыратәи абиԥара роуп иахьа арадио аус шауаз зырҵабыргуа. Саргьы иҵәахны исымоуп сыбжьы злаҭазыҩуаз арадио аҭоурых аҟәырҷаха, имцәажәо ашаҳаҭ ҳәа сзышьҭоу - амикрофон хәыҷы", - лажәабжь хыркәшо инаҵылшьит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.
Арадио адунеизегьтәи амш 2011 шықәса, жәабран 13 рзы ишьақәгылеит. Уи аԥшьгамҭа ибзоуроуп Испаниатәи арадио академиа ахада Хорхе Альварес, ИУНЕСКО адиректор хада Коитиро Мацуура идгыларала. Аԥшьгамҭа шьақәнарӷәӷәеит Еиду амилаҭқәа реилазаара Асаамблеиа хада 2012 шықәсазы. Адунеи атәылақәа жәпакы ирымоуп рмилаҭтә радиоқәа рышьақәгылара амшгьы. Аԥсны атәы уҳәозар иазгәарҭоит мшаԥы 30 рзы.